April 28, 2024

г. Сухум ул. Дзидзария, 40

Амра ссируп аҭашәамҭаз...

Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.

Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа
Зегь ааныжьны ацара?

Аха гәыҩбарак анымкәа
Игәыбзыӷыуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы…

Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа?

Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит!

Хәажәкыра 11 рзы дҳалагылазҭгьы 85 шықәса ихыҵуазаарын иналукааша аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ Таиф Аджба.

Last modified on Monday, 11 March 2024 20:08
Яндекс.Метрика