April 27, 2024

г. Сухум ул. Дзидзария, 40

Фазиль Искандер диижьҭеи 95 шықәса ҵит

1929 шықәса хәажәкыра 6 рзы диит адунеи аҿы зыхьӡ еицырдыруа, зҩымҭақәа атәым бызшәақәа жәпакы рахь еиҭаргахьоу, урысшәыла иҩуаз аԥсуа шәҟәыҩҩы ҳәа ззырҳәаз Фазиль Абдул-иԥа Искандер.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны.
Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа).

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

 

Last modified on Wednesday, 06 March 2024 23:04
Яндекс.Метрика